Аԥсны

Аслан Бжьаниа Донбасс ауааԥсыра рзы Очамчыра амандарина ахьеизыргоз аҭыԥ даҭааит

Урыстәыла арегион ҿыцқәа руааԥсыра рзы агуманитартә цхыраара аизгарҭа ҭыԥқәа аартуп Аԥсны ахи-аҵыхәеи.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 9 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Донбасс ауааԥсыра рзы Очамчыра амандарина ахьеизыргоз аҭыԥ даҭааит ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Бжьаниа араион ауааԥсыра ҭабуп ҳәа реиҳәеит акциа рхы ахьаладырхәыз азы, иазгәеиҭеит атәым проблема шыҟам.
"Ҳауаажәлар ргәы ҭбаауп. Акциа зхы алазырхәыз зегьы хаҭа-хаҭала ҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп. Агуманитартә цхыраара, ари иҳалшо аҟынтә еиҵаӡоу ауп", - ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Очамчыра араион аҿы мышкала еизыргеит 7,5 тонна амандарина. Уи анаҩс аилыхырҭа ҭыԥ ахь инаргоит, уа Донецки, Лугански, Херсонтәи аобласти, Запорожиеи рахь ашьҭра иаздырхиоит.
Асеиԥш аизгарҭатә ҭыԥқәа аартуп Аҟәа араион, Гәдоуҭа, Гал, Гагра.
Аԥсны
Агуманитартә еидараз амандаринақәа ахьрыдыркыло аҭыԥқәа алхуп Аԥсны