Аԥсны

Аԥсны ашәахтә хылаԥшырҭа ашәахтәшәара аҽацәхьакра аанарԥшит

Иааидкыланы 8,4 миллионк инареҳаны ашәахтә зымшәаз анаплакҩы иганахь ала ашьаусҭҵаара ахацыркра азҵаара иалацәажәоит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 9 - Sputnik. Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра ахылаԥшырҭа ашәахтәшәара зҽацәхьазкуаз даанарԥшит ҳәа аанацҳауеит ареспублика Апрокуратура хада апресс-маҵзура.
Анардадаратә усурақәа мҩаԥызгоз ахаланаплакҩы Аԥсны АЗ 192 ахәҭаҷ 2 ахәҭа иазԥхьагәанаҭо ацәгьоура идбалоуп.
Иара аҳәынҭқарра 8,4 миллионк инеиҳаны ашәахтә ацәиӡеит.
Агәаҭаратә материалқәа Апрокуратура хада Ашьаусҭҵааратә усбарҭахь инашьҭуп, ашьаус ахацыркра азҵаара рыӡбоит.