Аԥсны

Аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" аҿы иаарԥшын агазтә баллонқәа ирҭаҵәахыз ҩажәанызқь сигарет

Автомашьына "Жигули" аԥсҟы зкыз ахаҵа Аԥснынтә Урыстәылаҟа 21 480 сигарет рымҩангара иҽазишәеит ззин ыҟоу 200 сигарет ма 100 сигариллак, ма 50 сигара, ма 250 грамм аҭыҭын рцынхәрас.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 9- Sputnik. Урыстәылатәи аҳазалхыҩцәа аушьҭырҭатә ҭыԥ аҿы агазтә баллонқәа ирҭаҵәахыз 20 000 сигарет аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Краснодартәи аҳазалхырҭа Шәача ақалақь аҿтәи апресс-маҵзура.
Аушьҭырҭатә ҭыԥ аҿы иаанкылан автомашьына LADA 2107. Аԥснынтәи Урыстәылаҟа зхы хаз амашьына аидараҭыԥаҿ иҭан агазтә баллонқәа ҩба.
"Аԥсҟы зкыз иажәақәа рыла агазтә баллонқәа Урыстәылаҟа игон рырҭәразы", - ҳәа иҳәеит аушьҭырҭатә ҭыԥ аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Антон Александров.
Абаллонқәа аҳазалхыҩцәа гәҩарас иркит. Амашьына аиҭагәаҭарахь инаган. Уа абаллонқәа рыҩнуҵҟа 1074 ҭоԥ акцизтә дыргақәа зқәымыз асигаретқәа аарԥшын.
1 / 2
Контрабанда сигарет
2 / 2
Контрабанда сигарет
Асигаретқәагьы амашьынагьы изтәыз имхуп, иара иганахь ала административтә зинеилагараз аус хацыркуп.
2022 шықәса иалагазар аԥсуа-аурыс ҳәаа закәаншьаҭада аҭыҭын аалыҵ ахыгаразы ихацыркуп 351 ус, ирымхуп 655 000 сигарети ҩ-кьылак аҭыҭыни.
Аԥсны
Аԥсны атәылауаҩ жәанызқь инареиҳаны закәаншьаҭада асигарет лыдбалан