АҞӘА, ԥхынҷкәын 9 – Sputnik. Урыстәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аҳәсеи зықәра намӡаци, иара убасгьы аекономикатә цәгьоурақәа рзы иаанкылои анапеидҳәалагақәа рнапхаҵара азин ҟанаҵом ҳәа аҳәамҭа ҟалҵеит аусбарҭа аофициалтә хаҭарнак Ирина Волк, Владимир Путини ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Ахеилак алахәылацәеи реиԥылара ашьҭахь.
Волк илҳәеит аиԥылара ашьҭахь аусбарҭаҿы ишҭырҵааз "Ажур" апрактикатә хархәара.
"Иҷыдоу ахархәага "Ажур" закәаншьаҭада ахархәара ахҭысқәа рышьҭахь Урыстәыла ААР анапхгара аусбарҭа аҵакыратә еиҿкаарақәа рахь инанашьҭит аилыркаарақәа, хаҭала ари ахархәага аҳәсеи, зықәра намӡаци, иара убасгьы аекономикатә цәгьоурақәа рзы иаанкылои анапеидҳәалагақәа рнапхаҵара азин ҟалом ҳәа", - еиҭалҳәеит Волк.
ААР ахаҭарнак иара убасгьы илҳәеит аусбарҭатә нормативтә актқәа шазԥхьагәарҭо "аихшаратә знеишьақәа" ахархәага ҷыдақәа рганахьала, уи еиҳарак ишадҳәалоу иҭаку ауаажәларра рзы ашәарҭара ахьынӡарымоу аҭагылазаашьа.