Аԥсны

60 тонна инареиҳаны амандарина еизгоуп Донбассҟа анашьҭразы

Зынӡа ашықәсҿыцазтәи аныҳәақәа рзы урыстәылатәи арегион ҿыцқәа инарышьҭырц ргәы иҭоуп 80 тонна рыҟнӡа амандарина.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 9 – Sputnik. 60 тонна инареиҳаны амандарина еизгоуп ДЖәР, ЛЖәР, Запорожтәи, Херсонтәи аобластқәа ртәылауаа рахь анашьҭразы, абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
10 тонна рҟынӡа агуманитартә цхыраара адкыларҭақәа рахь инаргеит згәы былуа Аԥсны атәылауаа. Урҭ аҭыԥқәа руак иахьа даҭааит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа.
"Ҳарҭ ҳацклаԥшны еилаҳхуеит, нас еизгоу амандарин рыҭрақәа ирҭаҳҵоит, Донецктәи Лугансктәи Жәлар р-Республикақәеи, Херсонтәи, Запорожсктәи ахәыҷқәа рҟынӡа инаӡарц азы. Аусура минуҭкгьы иаанкылам, ирласны еизакхар, ахәыҷқәа Ашықәс ҿыц азы ашәыр роуртә иҟалоит", - ҳәа азгәарҭеит аусзуҩцәа атәыла ахада ианиацәажәоз.
Зынӡа иазԥхьагәаҭоуп 80 тонна рҟынӡа амандарина ашьҭра. Иаарласны еиҿкаахоит Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрреи Урыстәыла Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрреи рыҟнытә агәыҳалалратә колонна. Урҭ рыҽрымардоит урыстәылазегьтәи ауаажәларратә еиҿкаара "Агвардиа ҿа" аволонтиорцәа, урҭ рволонтиортә центрқәа ыҟоуп Херсон, Донецк, Луганск, Запорожсктәи аобластқәа рыҟны.
Аԥсны
Агуманитартә еидараз амандаринақәа ахьрыдыркыло аҭыԥқәа алхуп Аԥсны