Аԥсны

Аҟәа 2022 шықәсазтәи абиуџьет ахь аиҭакрақәа алагалоуп

2022 шықәсазы аҳҭнықалақь абиуџьет 1,22 миллиард мааҭ ҳәа ирыдыркылеит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 10 - Sputnik. Аҟәа 2022 шықәсазтәи абиуџьет ахь аиҭакрақәа алагалоуп ҳәа аанацҳауеит Ақалақьтә еизара асаит.
Ҳазҭоу ашықәс жәымз рыла ааимҭатә шәахтә аҳасабала иаланагалеит 500,3 млн мааҭ планла иарбаз 400,4 млн мааҭ рҭыԥан, ашықәс зегь азы иаланагалоит ҳәа иазыԥшуп 600,5 млн мааҭ.
Еиҳаны аԥара ахьаланагалаз азы ақалақь ахада Беслан Ешба иҟаиҵаз ажәалагала инақәыршәаны ирыӡбеит:
ахәыҷбаҳчақәа рҿы ахәыҷқәа рыфатә азы ахарџь 4,5 млн мааҭ рыла еиҳахарц,
Аџьармыкьа хадеи уи иавагылоу анапхгараҭаратә ргылареи рхыб аремонт азура 15 млн мааҭ азоужьзарц.
Ақалақь ахадара Афинансқәа русбарҭа аиҳабы Алхас Лагәлаа иажәақәа рыла, ахәыҷбаҳчақәа ирҭоуп 2100-ҩык ахәыҷқәа, урҭ рахьтә еиԥҟьарада иныҟәоит 1500-ҩык.
Ашықәс иалагӡаны афатәқәа 37% рыла рыхә иахьацлаз иахҟьаны, хәыҷык изы ҽнак ала ашықәс алагамҭаз инырхуаз 105 мааҭк рҭыԥан уажәы инырхуеит 160 мааҭ.
Ешба ажәа рниҵеит 2022 шықәсазтәи аибуџьет азы аҳасабырба шыҟаиҵо ҳазҭало ашықәс жәабранмзазы.
Уи адагьы, аҳҭнықалақь ахада иажәақәа рыла, иааиуа ашықәс азы адепартаментқәа реиҳабацәа Ақалақьтә еизарахь есхымз аҳасабырбақәа нарышьҭлоит.