Аԥсны

Аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәа аҭацаагара машьынақәа ирыцны Аҟәа иныҟәаларц рнапы ианырҵеит

Амҩақәа рҿы аҭагылазаашьа иалацәажәеит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба есымчыбжьа ААР аппарат хада аҟәшақәа рнапхгаҩцәа алархәны имҩаԥиго аилацәажәара аҟны.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 10 - Sputnik. Аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәа аҭацаагара машьынақәа ирыцны Аҟәеи уи анҭыҵи иныҟәаларц рнапы ианырҵеит. абри атәы аанацҳауеит ААР апресс-маҵзура.
Аминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадуа еиҭеиҳәеит амҩақәа рҿы ахылаԥшра шдырӷәӷәаз, еиҳара аԥсшьарамшқәа раан. Иара инаҵшьны иҳәеит аҭацаагара машьынақәа цасҳәа иццакцәаны ишныҟәо, амҩа иану егьырҭ амашьынақәа ишырԥырхагоу, дара рымшала амҩатә машәырқәа шыҟало.
Аминистр иара убасгьы рнапы ианиҵеит "Абџьар азы" азакәан инақәыршәаны имҩаԥысуа аграждантә хысгабџьар аиҭаҭаҩразы аусура дырццакырц.