Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Габуниа амҩатә машәырқәеи урҭ зхылҿиаауа амзызқәеи ирызкны

Изхылҿиаауазеи амҩатә машәырқәа реиҳарак, иҟаҵатәузеи урҭ рхыԥхьаӡара маҷхарцаз, абри азы арадио Sputnik аефир аҿы игәаанагара иҳәеит амашьынарныҟәцаҩ, азиндырыҩ Гьаргь Габуниа.
Sputnik
Арадиостудиа асас игәаанагарала, амҩақәа рзы иҟазароуп ахылаԥшра бзиа. Ауаҩы имацарала азхаӡом, иаҭахуп акамерақәа ҳәа азгәеиҭеит иара.
"Амҩа ахаҭа игәцарактәуп. Иҟалоит аԥҟарақәа реилагара аҟынтә ахараԥса абжа уахь ишьҭызар. Акамерақәа рышьақәыргыларазы апроект ыҟазароуп", - иҳәеит Габуниа.
Гьаргь Габуниа аиҿцәажәараҿы иҳәеит ижәны аԥсҟы зку рганахьала ахараԥса дузар шахәҭоу, ус еиԥш ахымҩаԥгашьа аӡәгьы азин имамзароуп, инаҵишьит иара.
Габуниа зиндырҩык иаҳасабала иҳәеит, аинспекторцәаргьы рмаҵзура анагӡараҿы азакәан иқәныҟәаны, ирҳәо рдыруа иҟазарц шахәҭоу. Закәандарыла азакәан аҟаҵара иашам, ауаагьы баша ахараԥса рыдҵарагьы аҭахым ҳәа азгәеиҭеит иара.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.