Аԥсны

Аԥсны азхиоуп аҳаиртранзит алацәажәара иҳәеит Анқәаб

Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргылара азгәаҭоуп 2024 шықәсазы.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 11 - Sputnik. Егьырҭ атәылақәа ареспублика иалсны аҳаиртранзит азы аӡҿлымҳара роур Аԥсны азхиоуп уи алацәажәара иҳәеит РИА Новости аинтервиу азҭаз Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб.
"Атранзит - ари, хымԥада узызҿлымҳахаша зҵаароуп. Атәылақәа зегьы ирзыфеидазар, зхы иазырхәарц зылшо ыҟазар уи аҵыхәала иаҭахуп ҳаидтәалан аиҿцәажәара", - ҳәа иҳәеит Анқәаб.
Аԥыза-министр инаҵшьны иазгәеиҭеит, аҳаирмҩа аартхар Урыстәыла аганахь ала аԥсшьараз ахәқәа "урыстәылатәи атурист хымԥада игәы ишақәшәо".
Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргылара инықәырԥшны 20,54 миллиард мааҭ артәоит, иара сааҭк ала 400-ҩык мамзаргьы шықәсык ала 3 миллионҩык апассаџьырцәа рымҩангара алшоит.
Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аҳаирмҩа аиҭашьақәыргыларазы амҩатә хсаала апроект азырхиоуп.