Арадио

Гамгьиа еиҭеиҳәеит аԥсуа ҳәыҳә хкы шылху, арҭ аԥсаатәқәа рааӡара игәазырԥхо

Адунеи аҿы анкьа зны аԥошьҭаныҟәгаҩ иус назыгӡоз, аҭынчра иасимволу ҳәа иԥхьаӡоу аҳәыҳә хкқәа ирыцлеит аԥсуа жәла змоу аҳәыҳә. Урҭ рааӡара, ргәбылра изыркыз арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Роланд Гамгьиа.
Sputnik
Анкьа ателефонқәеи ателеграфқәеи ҟалаанӡа, ауаа рысалам шәҟәқәа аҭыԥ ахь инарышьҭраз аҳәыҳәқәа рхы иадырхәон. Ас еиԥш аԥошьҭатә еимадара раԥхьаӡакәны иахьцәырҵыз Ирани Шьамтәылеи роуп, ҳашықәсԥхьаӡара ҟалаанӡа ахәбатәи ашәышықәсазы. Адунеи аҿы еицырдыруа иҟалаз аинформациатә маҵзура Реитар акәзар, 1850 шықәсазы ажәабжьқәа Европа иаланарҵәон аҳәыҳәқәа рԥошьҭала. Иахьа урҭ аамҭақәа аҭоурых иазынхеит, аха аҳәыҳәқәа џьаргьы имцеит. Уимоу, дара рааӡара знапы алакугьы ыҟоуп. Аԥсны ус еиԥш аҳәыҳәқәа зааӡо, урҭ аԥсаатәқәа бзиа избо дреиуоуп Аҟәа ақалақь ахадара афинанстә усбарҭа аспециалист хада Роланд Гамгьиа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.