Аԥсны

Игор Адлеиба аиааира игеит Екатеринбург имҩаԥысуаз абокс ахәылԥаз аҟны

Игор Адлеиба Екатеринбург иигаз апрофессионалтә бокс аринг аҟны 14-тәи ииааироуп.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 11 - Sputnik, Бадри Есиава. Игор Адлеиба узбекистантәи аспортсмен Сардор Музаффаров дииааит Екатеринбург имҩаԥысуаз абокс ахәылԥаз аҟны, ԥхынҷкәын 11 рзы.

Адлеиба аринг ахь дцәырҵит аԥсуа шәаҳәаҩы Хьыбла Мықәба "Зегьы иреиӷьу сҭәыла" ашәа анагӡарала. Аспортсменцәа аа-раундк мҩаԥыргаран иахьыҟаз узбекистантәи аспортсмен аҩбатәи араунд аԥсшьара ашьҭахь аринг ахь ацәырҵра мап икит.

Раԥхьатәи х-минуҭк аиндаҭлаҩцәа еилффаҷа икшон, иуҳәар ауазар аӡәи-аӡәи ртактика ҭибаҵаауан. Игор Адлеиба инапқәа еиҵыхны иҽазишәон Музаффаров иааигәа иаамышьҭра. Убри аана аԥсуа боксиор иаҩжьуамызт иоуаз алшара ӷәӷәала дыкшон.
Аҩбатәи араунд аҟны аспортсменцәа иаҳа ҽазышәала иазнеит, изныкымкәангьы аҭачкәым ӷәӷәақәа еимырдеит, аха еиҳарак икшоз Адлеиба иакәын. Араунд анхыркәшаха ашьҭахь Музаффаров иазыҟаҵаҩцәа ирҳәеит аринг ахь ацәырҵра мап шацәикыз.
Игор Адлеиба - WBO аверсиала аҿар рыбжьара адунеи ачемпион, акикбоксинг азы адунеи Ахраҿа ианашьоуп. Игор изы иахьатәи аиндаҭлара 16-тәиуп, иара 14 иааира игахьеит, ҩынтә еиҭахарала ихиркәшахьеит.