Аԥсны

30 гектар иназынаԥшуа Мамзышьха абнара амца иамҽханакит

Амцарцәаҩцәа абна ахьбылуа аҭыԥахь изнеиӡом, аха аҭагылазаашьа иахылаԥшуеит араион иаланхои аҩнқәеи ԥырхага рынамҭарц.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 12 - Sputnik. 30 гектар иназынаԥшуа Гагра араион Мамзышьха абнара амца иамҽханакит, абри атәы аанацҳауеит "Аԥсныпресс" амаҵзура Аԥсны АҶА Гагра араион ахьчаразы амцарцәара-аиқәырхаратә ҟәша аиҳабы Давид Бганба шьаҭас дганы.
"Ашьыжь игәаҳҭахьан абылра шыҟалаз, усҟан амца 10 гектарк амҽханакхьан. Уажәы 30 гектар абна амца акуп. Абна ахьбылуа аҭыԥахь макьана ҳазнеиӡом, аха ҭагылазаашьа ҳахылаԥшуеит, иаҭаххар ҳахиоуп", - ҳәа иҳәеит Бганба.
Иара иазгәеиҭеит, араион ауааԥсыреи аҩнқәеи рзы шәарҭара шыҟам.