АҞӘА, ԥхынҷкәын 12 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Урыстәыла ахада Владимир Путин Урыстәылатәи Афедерациа Аконституциа амш идиныҳәалеит ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
"Урыстәыла аконституциа аҭоурых ду амоуп, аиҭакра ду иахысит, иарбан аамҭазаалак аҳәынҭқарра аҿиара аҭоурых аҟны ажәлари атәылеи рҭахрақәа рыҽрықәнаршәон", - ҳәа аҳәоит аҳәамҭаҿы.
Аҳәынҭқарра ахада агәрагара ааирԥшит аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа аҩызара шьаҭас ишамоу, аҩ-тәылак руааԥсыра рыԥсҭазаара аиӷьтәа ишазҳәоу. Аурыс жәлар ирзеиӷьеишьеит аҭынчра, аманшәалара, аизҳазыӷьара.