Аԥсны

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Сократ Џьынџьал "Ахьӡ-Аԥша" аорден I аҩаӡара ианеишьеит

Аԥсны амилаҭтә -хақәиҭратә қәԥареи Аԥсуа ҳәынҭқарра ашьақәгылареи рыҟны илшамҭа дуқәа рзы Сократ Џьынџьал "Ахьӡ-Аԥша" аорден I аҩаӡара ианашьаразы Аҳәынҭқарра ахада аусԥҟа инапы аҵеиҩит ԥхынҷкәын 11 рзы.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 11 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Сократ Џьынџьал аорден "Ахьӡ-Аԥша" I аҩаӡара инапаҿы ииҭеит.
Атәыла ахада иазгәеиҭеит Сократ Џьынџьал аԥсуа ҳәынҭқарра ашьақәыргылараҿы илшамҭа дуқәа, иҳәеит уи атәыла анапхгареи ауааԥсыреи ахә ҳаракны ишыршьо.
Сократ Џьынџьал иҳәеит ари аҳамҭа иара ихахьы мацара ишимго, аус ицызуаз, ивагылаз зегьы ишрызирхо.
"Ҳпарламент актәи ааԥхьара аамҭеи аибашьра аамҭеи уи ашьҭахьи рзы ҳара ҳазнысыз мҩак ауп. Иаҳхаагаз рацәоуп. Зегь раасҭа ихадоу, ҳҳәынҭқарра шьаҭаны иамоу - ажәлар роуп, аԥсадгьыл ахьчараз абџьар шьҭызхыз ауаа роуп, иҭахаз роуп. Ҳара урҭ еснагь ҳгәалашәараҿ иҟазаауеит, избанзар дара рфырхаҵароуп, ргәымшәароуп иахьа ҳадгьыл аҿы аԥсҭазаара аҭыԥ азҭаз. Ҳара иҳалшо зегь ҟаҳҵалароуп урҭ рыхьӡ шәытарак анымларц, рхы зқәырҵаз Аԥсны ихьыԥшым, ишәҭыкакаҷуа ҳәынҭқарраны иҟаларц ҳуааԥсыра зегьы рзы", - ҳәа иҳәеит иара.
Аԥсны
Сократ Џьынџьал "Ахьӡ-Аԥша" аорден I аҩаӡара ианашьоуп
Сократ Џьынџьал "Ахьӡ-Аԥша" аорден I аҩаӡара ианашьоуп Аԥсны амилаҭтә -хақәиҭратә қәԥареи Аԥсуа ҳәынҭқарра ашьақәгылареи рыҟны илшамҭа дуқәа рзы. Атәыла ахада Сократ Џьынџьал ҳамҭас ииҭеит ахҭырԥа шкәакәа.
Сократ Џьынџьал 1992 шықәсазы Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс дҟарҵоит, 1993 шықәсазы Аԥсны аԥыза-министрси адәныҟатәи аусқәа рминистрси. Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыҟны Аԥснытәи аделегациа хадара азиуан.
1994 шықәса инаркны 2002 шықәсанӡа Аԥсны Жәлар Реизара еиҳабыс дыҟан. Аԥсны Ауаажәларратә палата анеиҿыркаа инаркны алахәылас дыҟоуп.