Москва 60 ҳаирплан рҟынӡа рыԥырра аанкылоуп ма иԥсахуп

Иааларҟьан иҟалаз аԥхаррақәа ирыхҟьаны Москва асы цәааки аҵаақәеи ауит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 12 - Sputnik. Москва аҳаирбаӷәазақәа "Шереметьево", "Домодедово" , "Внуково" рыҟны 60 ҳаирплан инарзынаԥшуа рыԥырра аанкылоуп ма иԥсахуп, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, "Яндекс.Расписание" амаҵзура адыррақәа шьаҭас иганы.

Иҟоу адыррақәа рыла, москватәи аамҭала 18:40 рзы, "Шереметьево" 15 ҳаирплан аанкылоуп 3 ԥсахуп, Внуково" - иаанкылоуп 8, иԥсахуп 5, "Домодедово" 2 реиск ԥсахуп 23 аанкылоуп.

Иаҳхысыз аҵх азы Москва мызктәи ахԥарак асы ауит.
Росавиациа Урыстәыла аладатәи аҳаирбаӷәазақәа рахь аԥырразы аԥкрақәа рыҿҳәара ирыцнаҵеит