Арадио

Шамба "Анашанатә чықьмаџьазы": илахҿыху, зеилкаара мариоу алакә аҟаҵара ҳҽазаҳшәоит

Аԥсуа драматә театр ахәыҷқәа рзы ашықәс ҿыцазтәи ақәыргыламҭа "Анашанатә чақьмаџьа" азырхиара иаҿуп. Уи ақәыргылаҩ Алхас Шамба арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит, аҽазыҟаҵаратә усқәа шцо ртәы.
Sputnik
Ақәыргыламҭа "Анашанатә чықьмаџьа" аԥсуа драматә театр аҿы ахәыҷқәа дырбара иалагоит ԥхынҷкәын 26 инаркны. Акультура аминистрра иазоунажьит аԥара, ҳусура ацашьала, ақәыргыламҭа ианаамҭоу ихиахоит ҳәа азгәаиҭеит Шамба арадиоефир аҿы.
"Хышықәса раҟара ҵуеит ахәыҷқәа Ашықәс ҿыцаз ақәыргыламҭа рыдҳамгалеижьҭеи. Раԥхьа иргылан ҳҽазаҳшәоит илахҿыху, зеилкаара мариоу, зыхәаԥшра мариоу алакә, аныҳәатә гәалаҟазаара рызҭаша", - иҳәеит Шамба.
Ақәыргыламҭа лакәк аҟынтә иаагаӡам, ахәыҷқәа ибзиан ирдыруа ахаҿсахьақәа зланы иӡбоу акоуп ҳәа азгәеиҭеит ақәыргылаҩ.
Алхас Шамба еиҭеиҳәеит асиужет шеиҿкаау, ацәгьеи абзиеи реиҿагылара ахьцәырнаго.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.