Аԥсны

Ақәоура иабзоураны Мамзышьха амца ыцәеит

Ԥхынҷкәын 12 рзы Мамзышьха иахьаҵанакуаз абылра иалагеит, аԥхьа амца 10 гектарк амҽханакит, аха нас 30 гектар рҟынӡа абна амца акит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 13 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Излагаз ақәоура иабзоураны Мамзышьха амца ыцәеит ҳәа Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит Аԥсны АҶА Гагра араион ахьчаразы амцарцәара-аиқәырхаратә ҟәша аиҳабы Давид Бганба.
"Иахьа ашьыжь ақәоура иалагеит. Амца зехьынџьара ицәеит. Уажәазы ҭыԥқәак рҿы алҩа ҩеиуеит, аха шәарҭа дук ыҟам", - иҳәеит Бганба.
Амцарцәаҩцәа аҭагылазаашьа иахылаԥшуеит.
Ԥхынҷкәын 12, ашьыжь Мамзышьха иахьаҵанакуа абна абылра иалагеит, аԥхьа амца 10 гектарк амҽханакит, аха нас 30 гектар рҟынӡа абна амца акит. Уахь анеира залшомызт, аха амцарцәаҩцәа аҭагылазаашьа иахылаԥшуан араион иаланхои аҩнқәеи ԥырхага рынамҭарц.