АҞӘА, ԥхынҷкәын 13 - Sputnik. "Вкусно - и точка" аԥснытәи аџьармыкьахь ааира аҽазнашәоит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, аилахәыра аԥшәма Александр Говор иажәақәа шьаҭас иааганы.
Говор иҳәеит McDonald's аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны "Вкусно - и точка" аусура ҟалом америкатәи аилахәыра аус ахьауа атәылақәа рҿы. Убри азы азинтә уадаҩрақәа ыҟоуп, иаҳҳәап Ҟазахстан аусуразы.
"Иазхаҵам ареспубликақәагьы адыррақәа ҳарҭоит аусеицуразы. Иҳалшо ҟаҳҵоит уахьтәи аџьармыкьақәа рахь анеиразы. Аха уи ус имариам", - иҳәеит Говор, иагьазгәеиҭеит дызлацәажәо Аԥсны шакәу.
Афастфуд азы америкатәи аҳа McDonald's хәажәкырамзазы аусура ааннакылеит Урыстәыла, анаҩс зынӡа иқәҵырц аӡбеит. Урыстәылатәи активқәа аҭыԥантәи алицензиат Александр Говор иааихәеит.
Уажәы ақьафурҭақәа аус руеит абренд - "Вкусно - и точка" аҵаҟа Урыстәыла 63 субиект рҟны. Иахьазы иаартуп 820 ҭыԥ, McDonald's 850 ҭыԥ рҟынтәи.