Арадио

Кәарҷиа: аԥара алгара ишахәҭоу иҟаумҵозар, иага ахә шьҭухыргьы, акгьы унаҭаӡом

Ауаажәларратә палата алахәыла Абессалом Кәарҷиа арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит игәаанагара, афымцалашара ахә ацҵара аҩбатәи аетап азы, насгьы уи алҵшәа аманы ианыҟало.
Sputnik
Афымцалашараҿы иҟоу ауадҩарақәа раԥыхразы иаҭахуп алагала дуқәа, уи аинвестициақәа рыда ӡбашьа амаӡам, ҳәа иҳәеит Кәарҷиа арадиоефир аҿы.
"Зегьы ирхадоу проблемоуп алашара ахә ахымшәаара. Ара ауаа ирылшома ирылымшома ҳәа азҵаара ақәыргылара ииашаӡам. Алашара иамоуп ахатә ахә, уи аиҳа еиҵаны аҭира ҟалаӡом. Аԥсны алашара ҳаиҷаҳаӡом, уи закәу иагьҳаздырӡом. Аха ахә иацҵалатәын хәыҷы-хәыҷла. Акыр шықәса раԥхьа уи аус иалагазҭгьы, ауаа ирнырӡомызт усҟак. Аԥара алгара ишахәҭоу иҟаумҵозар, иага ахә шьҭухыргьы, акгьы унаҭаӡом", - ҳәа иҳәеит Кәарҷиа.
Ауаажәларратә палата алахәыла иажәақәа рыла, афымца товарк аҳасабала иҟазар, ахаҭабзиарагьы ҳаракызароуп, ишахәҭоугьы ауаа ирымазароуп. Кәарҷиа иҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" агәыҳалалратә фондк аҳасабала ишыҟам, альготақәа ҟаларгьы, зегь акоуп, уахь иаҵанакуа аԥара рхызшәааша ак ыҟазароуп, ма аҳәынҭқарра ахахьы иагароуп.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.