Аекономикатә политикеи, ареформақәеи, аинформациатә технологиақәеи рзы Апарламент аилак "Афымцамч азы атарифқәа рышьҭыхра аморатори ақәҵараз" азакәан апроект иалацәажәеит ԥхынҷкәын 12 рзы имҩаԥысыз аилатәараҟны.
Заур Шьалашьаа игәаанагарала, ауааԥсыра рсоциалтә ҭагылазаашьа злаҟоу ала ахәԥса ашьҭыхра даара ирықәыӷәӷәоит, уи мап ацәкра садгылаҩуп сара, ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы аҵарауаҩ.
Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Аекономикеи азини ринститут адиректор иара убасгьы иҳәеит афымцалашара аҭагылазаашьа аиӷьтәразы алагалақәа мап шрыцәктәым, аха убри аан аиқәшаҳаҭрақәа зегьы ажәлар ираҳауа иаартны иалацәажәатәуп.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.