Аԥсны

Риҵатәи апарк анаԥшы-ааԥшырҭатә ҭыԥ аҿы Ашықәсҿыцазтәи аԥсаӡ дыргылеит

Аӡиа Риҵа зырԥшӡо аныҳәатә ԥсаӡ ҩычоуп аҟаԥшьи ахьтәи ԥшшәхәқәа рыла.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 13 - Sputnik, Бадри Есиава. Ашықәс ҿыцазтәи аԥсаӡ Риҵатәи амилаҭтә реликттә парк анаԥшы-ааԥшырҭатә ҭыԥ аҿы идыргылеит. Абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит апарк аҿы еиҿкаау атуризми аекскурсиақәеи рыҟәша аиҳабы Етлан Багаҭелиа.

"Аԥсаӡ аура аа-метрак иҟоуп. Ҵыԥхгьы ара игылан аԥсаӡ, аха усҟан даҽа ԥшшәхәқәак рыла еибыҭан. Уажәы аҟаԥшьи ахьԥшшәи алҳхит. Аҟаԥшь уажәтәи аамҭазы иактуалуп", - иҳәеит иара.

Багаҭелиа иазгәеиҭеит аԥсаӡ ҵыԥх идыргылац шакәугьы аҽшаԥсахыз, ҵыԥх иара зынӡа даҽакала ишеибыҭаз, араӡни аиаҵәеи рыла ишеиҿкааз.
Аԥсаӡ амацара акәӡам аԥсшьаҩцәа аныҳәа шааигәахо ргәалазыршәо. Анаԥшы-ааԥшырҭатә ҭыԥаҿы идыргыло ахыԥхьаӡара 2023 ырԥшӡахоит еилацәҟәуа алашаратә рхиагақәа рыла.
Иара убас, Ажәҩанԥшшәылатәи аӡиа ҳәа иахьашьҭоугьы ԥшь-метрак иҟоу аԥсаӡ дырхиоит, акәшамыкәша аҭыԥқәа илашо ампышҭақәеи алакә фырхацәа рсахьақәеи рҭыԥ ылырхуеит.
Етлан Багаҭелиа иҳәеит атәыла асасцәеи аҭыԥантәи ауааԥсыреи уаанӡеиԥш аԥсаӡ аҟынтәи ахәмаргақәа рыкныхра иалагарым ҳәа дышгәыӷуа.
Аԥсны
Аныҳәамшқәа рзы аԥсаӡқәеи аԥсақәеи рыԥҟара азин ҟалом