Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа украинатәи МиГ-29 аҳаирпланқәа ҩба карыжьит

ДЖәР аиланхарҭақәа Родинскии Павловкеи иахьрыҵанакуа икарыжьыз МиГ-29 реиԥш Курахови Константиновкеи рыжәҩанҵакыраҿ икажьын украинатәи авертолиотқәа Ми-8 ҩба.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 13 - Sputnik. Урыстәыла аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа украинатәи МиГ-29 аҳаирпланқәа ҩба карыжьит Донецктәи Жәлар Рреспубликаҿы ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Урҭ рыдагьы иҭадырхеит аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа фба, абаллистикатә ракетақәа "Точка-У" ҩба, аицҭырҟьаратә система HIMARS ареактивтә хгәыцәқәа ҩба.
Аоператив-тактикатә авиациеи, аракетатә ари артиллериеи ааха рырҭеит УАМ артиллериатә ҟәшақәа 83, аруааи аибашьыгатә техникеи 156 раион рҿы.
Запорожиатәи аобласт Гулиаи Поле аиланхарҭа аҵакырахьчараҟны уахыки-ҽнаки рыла 102-тәи абригада аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа еилаԥырххааит, иара убас Зелионыи Гаи иахьаҵанакуа иҭадырхеит аицҭырҟьаратә реактивтә система "Смерч" амашьына, Красныи Лиман - аицҭырҟьаратә реактивтә система "Град" амашьына.
Купиантәии Красно-Лимансктәии ахырхарҭақәа рҿы иҭархан 70-ҩык рҟынӡа украинатәи аруаа, х-кәылӡ машьынаки 5-автомашьынаки.
Донецктәи ахырхарҭаҿы Урыстәыла ар иаԥдырҟәҟәааит УАМ 59-тәи амотошьаҟауаа рыбригада ДЖәР аиланхарҭа Пески аганахь ала ржәылара. Иҭархан 30-ҩык аибашьцәа, аршьаҟауаа рмашьынақәа хԥа, апикапқәа хԥа.