Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла аладатәи аҳаирбаӷәазақәа рахь аԥырразы аԥкрақәа рыҿҳәара ирыцҵоуп

Урыстәылатәи аҳаиреилахәырақәа ахархәара рырҭоит Шәача, Аминералтә ӡқәа, Волгоград, Москва рҳаирбаӷәазақәа.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 13 - Sputnik. Росавиациа Урыстәыла агәҭеи аладатәи ақалақьқәеи рбаӷәазақәа рахь аԥырразы иаланагалаз аԥкрақәа рыҿҳәара иацҵоуп ԥхынҷкәын 21-нӡа. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа Telegram-канал аҿы.

"Урыстәыла аладатәи аҳаирбаӷәазақәа 11 рахь аԥырразы аԥкрақәа рыҿҳәара иацҵоуп ԥхынҷкәын 21 асааҭ 03:45 аҟынӡа", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Аамҭала зусура ԥку аҳаирбаӷәазақәа ирыҵанакуеит Анапа, Белгород, Брианск, Воронеж, Геленџьықь, Краснодар, Курск, Липецк, Ростов-на-Дону, Симферополь, Елиста. Урыстәыла егьырҭ аҳаирбаӷәазақәа абжьааԥны еиԥш аус шыруц ируеит.
Урыстәыла аладатәи аҳаирбаӷәазақәа 11 рахь аԥырразы аԥкрақәа аларгалеит Украина аоперациа ҷыда ианалага, жәабран 24 рынахыс ашәарҭара рыҵоуп ҳәа иԥхьаӡаны.