Аԥсны

Урыстәылеи Аԥсни 2023 шықәсазы анефҭаалыҵқәа раашьҭра ахышәаҵышәаз еиқәшаҳаҭхеит

Аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭра инақәыршәаны аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны иаарго абылтәы аҳазатә баџьқәа ирыҵанакуам.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 13 – Sputnik. Урыстәылеи Аԥсни 2023 шықәсазы анефҭаалыҵқәа раашьҭра ахышәаҵышәаз еиқәшаҳаҭхеит ҳәа аанацҳауеит Аекономика аминистрра апресс-маҵзура.
Аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны 2023 шықәсазы Аԥсныҟа иаагахоит:
Амашьынатә бензин (аоктантә хыԥхьаӡара 95) – 46 000 тонна;
Амашьынатә бензин (аоктантә хыԥхьаӡара 95 еиҵамкәа, аха 98 еиҳамкәа)– 13 000 тонна;
Адизельтә былтәы – 20 000 тонна;
Анефҭтә битум – 7 000 тонна.
2012 шықәса лаҵара 28 рызтәи ахәаахәҭратә режим азы Аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭра инақәыршәаны аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны иаарго абылтәы аҳазатә баџьқәа ирыҵанакуам.