Аԥсны

Аԥсны Атуризм аминистрра аныҳәамшқәа рзы заанаҵтәи аҿаҵарақәа шымҩаԥысуа еиҭарҳәеит

Заанаҵтәи аҿаҵарақәа рзы урыстәылатәи амаҵзура Tvil.ru уаанӡа адырра ҟанаҵахьан Аԥсны еиҳа иалыркаауа аныҳәатә ҭыԥқәа хәба ирыҵанакуеит ҳәа.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 14 - Sputnik. Ашықәсҿыцазтәи аныҳәақәа раан Аԥснытәи аобиектқәа рҿы атуристцәа рҿаҵарақәа рыпроцентқәа 20 инаркны 80 рҟынӡа инаӡоит ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит аминистрра апресс-маҵзураҿы.
"Ареспубликаҿ азеиԥш ҿаҵарақәа рыбжьаратә процент 50 еиҳахом. Макьаназ аҿаҵарақәа шьшьылаҳауп, аотелиерцәа ақәгәыӷуеит иаанхаз аамҭазы еиҳа активла имҩаԥысып ҳәа", - рҳәеит аусбарҭаҿы.
Заанаҵтәи аҿаҵарақәа рзы урыстәылатәи амаҵзура Tvil.ru адыррақәа рыла аныҳәамшқәа раан хәымштәи Аҟәа ақалақь аҿы аԥсшьара аӡәы изы 3450 мааҭ ақәшәоит.