Аԥсны

Ажьырныҳәамза инаркны Ҭырқәтәыла атуристцәа рынхара 2% ашәахтә ақәнаҵоит

Ашәахтә рықәххоит Ҭырқәтәыла иҟоу аҳәаанырцәтәылақәа рдипломатиатә персонал.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 14 - Sputnik. Ажьырныҳәамза инаркны Ҭырқәтәыла атуристцәа рынхара 2% ашәахтә ақәнаҵоит, убри аан ашәахтә рықәххоит Ҭырқәтәыла иҟоу аҳәаанырцәтәылақәа рдипломатиатә персонал ҳәа аанацҳауеит ателеканал NTV.
"Анхараз ашәахтә рықәҵахоит асасааирҭақәа, акурорттә ҳаблақәа, бутик-отельқәа, амотельқәа, апансионатқәа, ақыҭақәа, акемпингқәа, ашьха ҩнқәа рҿы инхо", - ҳәа азгәанаҭоит ателеканал.
Ашәахтәшәара иаҵанакуеит асасдкыларатә уаажәларратә ҩнқәа, аԥсшьарҭақәа, алагерқәа. Астуденттә еиланхарҭақәа, ахостелқәа, алагерқәа рҿы инхо астудентцәа ашәахтә рықәлом.