Аԥсны

Лаҭатәи ахлымӡаах

Иахьа, ԥхынҷкәын 14 рзы 30 шықәса ҵит ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа амацәаз иҭакыз Тҟәарчалынтәи ахҵәацәа алызгоз агуманитартә вертолиот иеихсны ирближьҭеи.
Sputnik
Ԥхынҷкәын 14 1992 шықәса рзы Урыстәыла Аҳаирмчқәа рвертолиотқәа ҩба амацәаз иҭакыз Тҟәарчал иалганы Гәдоуҭаҟа ахҵәацәа ргон. Асааҭ 16:27 рзы, ианыҵԥраа ашьҭахь 12 минуҭ ааҵуаны, Лаҭа ақыҭа ианахаԥраауаз 1900 метра аҳаракыраҿы руак ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа иеихсны икарыжьит.
Авертолиот иҭатәаз 87-ҩык апассаџьырцәа зегьы ҭаблит. Урҭ рыбжьара иҟан 35-ҩык ахәыҷқәеи ааҩык зцәазтәымыз аҳәсеи