Арадио

Ԥлиаԥҳа Косово иҟоу ахҭысқәа рзы: иуашәшәыроуп аҭагылазаашьа

Аполитолог Далила Ԥлиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы Сербиеи Косовои рыбжьара аимак аҽарцәгьара ахҳәаа алҭеит.
Sputnik
Аҵыхәтәантәи амзқәа рзы Косово иҭынчрам. Сербиа арбџьармчқәа рҽазыҟаҵан иҟоуп, Косово ак анаԥшьарга аамҭазы аҭак аҟаҵаразы.
Аполитолог аиҿцәажәара хацыркуа еиҭалҳәеит, Сербиеи Косовои реимак аҭоурых атәы.
"НАТО Косово ишадгыло зегьы ибзианы иаадыруеит, азхаҵарагьы рзыҟарҵеит, аха иахьа, ахҭысқәа еилаԥаҭеит. Косово аҳәамҭақәа ҟарҵоит Европа Еидгыла алаларазы. Ари асербцәа ирҭахым, избанзар, конституциала Косово Сербиа иахәҭакуп ҳәа иԥхьаӡоуп. Аха Косово хаз ҷыдала иҟоижьҭе 20 шықәса ҵуеит. Иҟоуп изырӷыӷкуа амчқәа. Европа аурыс аекономика ашьақәырҟьара аҭахуп, уи рхы иадырхоит. Ирдыруеит, ак ҟаларгьы, Урыстәыла Сербиа ишадгыло. Аха даара иуашәшәыроуп аҭагылазаашьа, иҟало атәы аҳәара уадаҩуп, Косовои Сербиеи дара-дара аимак аҭышәныртәаларахь еизааибагароуп, мап анакәха еиҿагылоит даҽа мчқәак", - ҳәа лҳәеит Ԥлиаԥҳа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.