Урыстәыла Аҵәахбанк абанкоматқәа рҿы егьырҭ абанкқәа рыхсаалагақәа "Мир" хадырҭәаалоит

Аҵәахбанк абанкоматқәа 90% егьырҭ абанкқәа иртәу ахсаалагақәа "Мир" рхарҭәаара азин ҟарҵоит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 14 - Sputnik. Урыстәыла Аҵәахбанк ахатә банкоматқәа рҟны егьырҭ абанкқәа иртәу ахсаалагақәа "Мир" комиссиада рхарҭәаара азин ҟанаҵеит. Абри атәы аҳәоит абанк арелиз.
"Уажәы Урыстәыла Аҵәахбанк ахатә банкоматқәа рҟны Урыстәыла егьырҭ абанкқәа иртәу ахсаалагақәа "Мир" рхарҭәаара ҟалоит. Убри аан акомиссиа ргом", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Анапынҵаԥара алагалара алшоит абанктә хсаалага ма иара зыдҳәалоу асмартфон абанкомат ацҵа ҷыда инадҵаны.