Аԥсны

10 тоннак амандарина цхыраагӡак аҳасаб ала еизыргеит Аҟәа араион аҿы

Уаанӡа 60 тонна амандариана еизыргахьан Гәылрыԥшьи Очамчыреи араионқәа рыҟны.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 14 - Sputnik. Аҟәа араион аҟны Ашықәс ҿыц аламҭалазы ДЖәР, ЛЖәР, Херсонтәии Запорожтәии аобластқәеи рахь агуманитартә цхыраара ашьҭразы 10 тоннак амандарина еизыргеит. Абри атәы аанацҳауеит амаҵзура "Аԥсныпресс".
Араион ахада Алхас Ҷыҭанаа агуманитартә еидара аизгара, аиҿкаара аҽалархәразы агәазыҳәара аадырԥшит араион ауааԥсыра зегьы, аиҿкаарақәа, анаплакыҩцәа, ақыҭауаа ҳәа иазгәеиҭеит.
Зынӡа иагәаҭоуп 80 тонна амандарина аизакра. Амандарина Донбассҟа Ашықәс ҿыц аламҭалазы ДЖәР, ЛЖәР, Херсонтәии Запорожтәии аобластқәеи рахь ахәыҷқәа ирызнаргоит Аԥсны АҶА аусзуҩцәеи Урыстәыла АҶА аусзуҩцәеи. Ацхыраара ҟарҵеит "Агвардиа ҿа" аволантиорцәа. Урҭ Урыстәыла арегион ҿыцқәа рҿы ацентрқәа аадыртхьеит.