Аԥсны

Аҟәа имҩаԥгахоит атеатр ҟазшьа змоу аныҳәатә қәгыларақәа рмарафон

Ауснагӡатә еиҿкаауп Москва Аиҳабыра, Москва адәныҟаекономикатәи жәларбжьаратәи аимадарақәа Рдепартамент, аџьынџьуаа Москватәи рыҩны рфинанстә цхыраарала.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 15– Sputnik. Ԥхынҷкәын 15, 16, 19, 20 рзы Аҟәа, Москва Аҩнаҿы имҩаԥгахоит атеатр ҟазшьа змоу аныҳәатә қәгыларақәа рмарафон.
"Абнатә ҭоурых" ақәгылара мҩаԥгахоит ԥхынҷкәын 15 рзы.
"Уи адагьы ашықәс ҿыцазтәи ауснагӡатәқәа рҳәаа иҭагӡаны Москва Аҩны афое аҿы иаадыртит ахәыҷқәа рҭыхымҭақәа рцәыргақәҵа, аиҿкаара иадгылеит Ассоциациа "Аицџьынџьуаа" КСОРС Марокко", - ҳәа лҳәеит Москва Аҩны ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара аҟәша аиҳабы Мариа Соиа.
Акультура-усутә Центр ахь инарԥхьеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла АШәМ Аҳәаахьчаратә усуҩцәеи Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа аусуҩцәеи рхәыҷқәа, агәыҳалалратә фондқәа "Ашана", Кьараз" хылаԥшра зырҭо ахәыҷқәа.
Дара зегьы ахәмаргақәеи аҳамҭақәеи рнапаҿы ирырҭеит.