АҞӘА, ԥхынҷкәын 15 - Sputnik. Америкатәи онлаин-жәар Dictionary.com ажәа "аԥҳәыс" (woman) ашықәс иажәан иалнакааит.
Англыз бызшәаҿы ари ажәа ижәытәӡатәқәоу ишреиуоугьы, сынтәа ауаажәларратә еимакы-еиҿакы иамзызхеит.
ЕАА Иреиҳаӡоу аӡбарҭа раԥхьатәи афроамерикатә ӡбаҩыс Кетанџьи Браун Џьексон дахьыҟалаз иабзоураны ажәа "аԥҳәыс" акыр ахархәара ҳаракхеит. Уи адагьы асаит аҿы иарбоуп аԥҳәыс 2022 шықәса ахҭысқәа жәпакы рҿы ароль ду шыналыгӡо.
Цәыббрамзазы лыԥсҭазаара далҵит Британиа акралԥҳәыс Елизавета II, уи ашьҭахь аимак-аиҿак мҩаԥысуан ари аԥҳәыс лҭынхази лыԥсҭазаарази. Иран 22 шықәса зхыҵуаз Махсы Амини данҭаха ашьҭахь аҿагыларақәа мҩаԥысит.
Аиааираз кандидатс иара убас иалкаан ажәақәа "аинфлиациа", "адемократиа", "wordle" (алексикатә онлаин-хәмарра, ахәмарҩцәа фынтә хә-нбанк рыла ишьақәгылоу ажәа адырраз алшара анроуа), украинатәи абираҟ аемодзи.