Ачаи аплантациақәа рҿы иҳазҳаит, ишҿырхуаз, аус шадырулоз ҳбон, ҳгәбылра ацуп ачаи ҳәа азгәаиҭеит аиҿцәажәараҿы Асланӡиа.
"Ҳаргьы ҳхатә чаиқәа ҳаман, иаҳрыцқьон, иалаҳҵон мааҭқәак ҳауан аибашьра ашьҭахь. Ԥшьышықәса ҵуеит Адгәыр Гьергьиеи сареи иахьынӡа иҳалшоз ала ачаиқәа шьақәыргыланы аус адаҳуложьҭеи. Иахьа 10 гектарк ҳамоуп", - ҳәа иҳәеит Асланӡиа.
Алиас еиҭеиҳәеит, аус здырымуло аплатациа шыҟоу, аха урҭ реиҭашьақәыргыларазы шықәсык шаҭаху. Убри аан иазгәаиҭеит, анаплак маҷ ишаҭаху иахьатәи ҳаамҭа иақәшәо амаругақәагьы.
"Амаруга ада акгьы узыҟаҵаӡом, уи аамҭа иақәшәозароуп. Уи аахәан ақыҭанхамҩа аминистрра аҿиаразы апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны. Ачаи ишаҭаху апроцессқәа ирхыжьтәуп, мамзар ахаҭабзиара аиуӡом. Амаруга агәаҭарақәа иахҳажьит сынтәатәи аҽаҩра ала. Ауаа иргәаԥхеит иҟаҳҵаз ачаи, иаҳҭиизгьы ыҟоуп", – ҳәа еиҭеиҳәеит Асланӡиа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.