Аԥсны

Аԥсны аныҳәатәи агәалашәаратәи мшқәа рзы азакәан ариашарақәа алагалоуп

Ариашарақәа аҵыхәтәантәи аԥхьарала ирыдыркылар Ашықәс ҿыц азтәи аԥсшьарамшқәа ирыцлоит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 15- Sputnik. Апарламент "Аԥсны Аҳәынҭқарра аныҳәатәи агәалашәаратәи мшқәа рзы" азакәан ариашарақәа аланагалеит аԥхьатәи аԥхьарала.
Адокумент инақәыршәаны ԥхынҷкәын 31, ажьырныҳәа 1-6, ажьырныҳәа 8 Аԥсны ныҳәатә ԥсшьарамшны ашьақәыргылара ҟалоит.
Адокумент иазԥхьагәанаҭоит ажьырныҳәа 14 рзы иазгәарҭо "Адунеи арҿиара амш" "Аԥсуаа итрадициатәу рдинтә ныҳәа" ҳәа аԥсахра.
Азанааҭтә ныҳәақәа аҳәынҭқарра ахада ишьақәиргылалоит.
Аԥсны
Аминистрцәа реилазаара 2023 шықәсазтәи Аԥсшьареи аныҳәатә мшқәеи рымзар шьақәнарӷәӷәеит