Етлан Багаҭелиа иҳәеит Ашықәс ҿыцазтәи аныҳәақәа рзы иаҭаауа рхыԥхьаӡара шырацәаӡоу.
"Шәачантәи ҽнак ҳәа иаауеит аекскурсиақәа. Егьырҭ амзқәа раҵкыс ҩынтә-хынтә инареиҳаны асасцәа ҳарзыԥшуп. Амҩа аҭагылазаашьа хылаԥшра амоуп. Техникала ҳаиқәшәоуп. Асы аургьы амҩа аркхом. Аӡынтәи аԥшӡара збар зҭаху зегьы неиртә алшара ҟалоит", - ҳәа иҳәеит Багаҭелиа.
Етлан иажәақәа рыла Риҵа асы макьана иҟаӡам, ақәа леиуеит, ихьҭоуп. Ашьхақәа рҿы асы ықәнаршәхьеит, иахьа инаркны Ауадҳарахь ицо амҩа аркхоит, ҳәа адырра ҟаиҵеит Багаҭелиа.
Рицатәи апарк атуризми аекскурсиақәеи рыҟәша аиҳабы иара убасгьы далацәажәеит аӡын аамҭазы Ауадҳара аԥсшьаҩцәа рыдкыларазы азҵаара. Убри аан иҳәеит, иахьазы ус еиԥш алшара шыҟам.
"Еиҳарак амҩа аҭагылазаашьа ауп изыхҟьо. Асыԥса дуқәа ахьлеиуа аҭыԥқәа ыҟоуп. Атехника азаахәатәуп. Аргыларақәагьы азыҟаҵатәуп. Аӡын афымцатә станциа аус аулоит. Аспециалистцәа уи ахымҩаԥгашьа иахәаԥшуеит. Аинтерес ӷәӷәа аҵоуп аҟнытә ари азҵаара, аиҳабырагьы азҿлымҳауп ишахәҭоу еиԥш аҭыԥ азыҟаҵра", - ҳәа иҳәеит Багаҭелиа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.