Аԥсны

Дранда инхо ауаҩԥсы 16 шықәса иқәырҵеит иашьа дахьишьыз азы

1980 шықәсазы ииз Зураби Габисониа ахара идырҵоит, 1979 шықәсаз ииз иашьа Дианоз Габисониа дишьит ҳәа.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 15 – Sputnik. Гәылрыԥшьтәи араионтә усӡбарҭа Дранда инхо Зураби Габисониа, 1980 шықәсазы ииз, иашьа Дианоз Габисони - 1979 шықәсаз ииз дахьишьыз азы 16 шықәса иқәнаҵеит. Абри атәы аанацҳауеит Апрокуратура хада апресс-маҵзура.
Ахаҵа ахара идҵоуп иашьа Дианоз Габисониа дахьишьыз, закәаншьаҭада абџьари аграната Ф-1 ахьимаз.
Габисонияа ахара ихарам ҳәа дыԥхьаӡоуп азыӡба азакәан мчра аиуаанӡа.