30 шықәса раԥхьа Аԥсны жәлар зегьы амҽханакит еицырзыԥшу ахьаа. Ԥхынҷкәын 14 рзы Лаҭа иҭархаз аверталиот иҭатәаз асиа ашьақәыргылара аус цон. Ирацәан уи иҭаларан иҟаз реиԥш изҭамлакәа ихынҳәызгьы.
Лаҭатәи аверталиот анҭадырха амш сара чмазарак еиԥш исхызгоит, ҳаиқәхартә иҟалеит, аха ажәҩан иалаблыз рыгәҭа ҳаҟазаргьы ҟалон ҳәа еиҭалҳәеит Џьыџьԥҳа.
"Артҟәацгақәа рацәаны иалаҳауан Џьгьарда. Аӡынаа аҭаацәарақәа ааицәажәан ирыӡбеит ахәыҷқәа ралгара аверталиот ала. Хыҭӡыкны ҳцеит Тҟәарчал. Аҽны аверталиотқәа рҽеиҩшаны итәеит. Акы ҳазҭамлеит ауаа рацәан. Уи аамҭаз аверталиот иҭаблыз Аслан Занҭариа дааҳадгылан иҳәеит ахәыҷқәа ҳзылбаагар аҩбатәи ахь, апилот ила аверталиот ҳҭалартә аус шыҟаиҵо, аха амашьына аус амуит, аверталиот аҟынӡа ҳнеиртә еиԥш изыҟамлеит. Ус иаҳлахьынҵазар акәхарын", - ҳәа еиҭалҳәеит Ҵәыџьԥҳа.
Быжьҩык ахәыҷқәа зцыз аҭаацәарақәа даара ихьааргон иахьзымԥрыз, ауха уи ишалацәажәоз ираҳаит аверталиотқәа руак шкаҳаз. Уи шыҟалаз атәы шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.