70-ҩык рҟныӡа аҿар ҳазнеит алԥшаарақәа рахь ҳәа адырра ҟаиҵеит Гәымба.
"Аиашазы, ҳгәы хыҭхыҭуа ҳазыԥшын, избанзар, иаҳзымаар ҳәа ҳшәон шаҟа ҳҭаху алахәылацәа, усҟан апроект ҳзымҩаԥгаӡомызт. Аха аҵыхәтәаны ҩ-еицлабрак мҩаԥаҳгартәгьы ауаа ҳауит", - иҳәеит Гәымба.
Аицлабра ажиури алахәыла иҳәеит асҵәҟьа рыҩаӡара ҟалоит ҳәа дшақәымгәыӷуаз.
"Избаз саршанхеит ҳәа сҳәар ҟалоит, шьоукы-шьоукы амузыка аганахьала аҵара шрымамызгьы ршәаҳәашьа, разнеишьа убыс иҳаракын. Урҭ рашәаҳәара даара иаҳгәаԥхеит. Апроект дшалахәу аҟара иаразнак иаҳбон. Ус еиԥш 5-6-ҩык алаҳкааит", - иҳәеит акомпозитор.
Анри Гәымба иазгәеиҭеит алԥшаарақәа рҿы имаҷымкәа аԥсуа шәақәа шыҟаз, аицлабрахь иааиз хатәгәаԥхарала урҭ алхны ишырҳәаз.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.