АҞӘА, ԥхынҷкәын 17 - Sputnik. Атлетика хьанҭа азы Аԥсны ачемпионат мҩаԥысит Аҟәа Владимир Маршьан ихьӡ зху абокси, ақәԥареи, атлетика хьанҭеи рзы Ареспубликатә аҳәыҷтәы-қәыԥшратә школ аҟны. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭеилакы.
Аицлабрақәа ирылахәын Гәдоуҭа Гагара Аҟәа рҟынтәи 40-ҩык аспортсменцәа.
Азеиԥшкомандаҟны аиааира ргеит Аҟәа акоманда, "араӡны" иаԥсахеит Гагратәи аспортсменцәа, ахԥатәи аҭым ааныркылеит Гаграа.
Аиааира згази аԥхьахә ҭыԥқәа аанызкылази ахраҿақәеи,амедалқәеи аграмотақәеи ранашьан.