Аԥсны

Аҟәеи Казани атуризм аусхк аҟны аус еицырулоит

Ҭаҭарсҭан аҳҭнықалақь атуристтә лшарамчқәа рӡыргара мҩаԥысит ахәаша Москва Аԥсны ацҳаражәҳәарҭаҿы.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 17 - Sputnik. Аҟәеи Казани атуризм аусхк аҟны аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит ҳәа аанацҳауеит аҳҭнықалақь ахадара апресс-маҵзура.

Аԥсны аҳҭнықалақь ахьӡала адокумент инапы аҵеиҩит Аҟәа ахадара иатәу АУН "Арго-Инвест" адиректор хада Леван Адлеиба, Ҭаҭарсҭан аҳҭнықалақь ахьӡала - ахазынаҭратә муниципалтә усбарҭа "Казань ақалақь аҿиаразы аилак" аиҳабы Дариа Санникова.

Москва иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәарҭаҿы Санникова иӡырылгеит Казань атуристтә лшарамчқәа, еиҭалҳәеит иҟоу аҭыԥ ԥшӡарақәа ртәы.
"Казань асезонтә туризм ыҟаӡам, ҳара есымшагьы асасцәа рыдкылара ҳазыхиоуп, атуристцәа гәахәарыла, ирхамышҭыртә рыԥсшьара рхыргарц аҭагылазаашьақәа зегь аԥаҳҵоит", - лҳәеит лара.
Леван Адлеиба иакәзар, иазгәеиҭеит Казань ақалақь ахадара азанааҭ дырны, ишақәнагоу атуристтә усхк аџьабаа шадырбало, Аҟәеи дареи рыдагьы, егьырҭ ақалақьқәагьы даргьы аиқәшаҳаҭрақәа шрыбжьарҵо, уи иабзоураны ареспублика ӡырыргоит, атуристцәа раҭаара иацхраауеит.
Аԥсны
Аҟәеи Бриански аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит