Урыстәыла агәҽанызаара ҟарҵоит Telegram аккаунтқәа рӷьычраз аҽазышәарақәа шыҟоу

Ацәгоуцәа Telegram ахархәаҩцәа аацҳамҭақәа рзаарҭиуеит аҳамҭа аиураз анапаҵаҩра. Иаарышьҭуа акод иагәҭамсроуп, ус акәымкәан иагәҭасыр аӷьычцәа аккаунт иҭалар рылшоит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 17 - Sputnik. Амессенџьыр Telegram ахархәаҩцәа раккаунтқәа рӷьычраз акырынтә аҽазышәарақәа ирыниеит асабша ԥхынҷкәын 17 рзы ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла аимадареи акоммуникациақәеи, ахыԥхьаӡаратә ҿиареи рминистрра.
Аӷьычцәа ахархәаҩцәа рҭел иҭагалоу асиақәа рҟынтәи аацҳамҭақәа рзаарҭиуеит аҳамҭа иазкны - Telegram Premium аҟны рнапы аҵарҩрц. Ари зоуз ахархәаҩ данақәыӷәӷәалак изаауеит аацҳамҭа автор иақәыршаҳаҭра.
Акагьы гәҩарас измам ахархәаҩ акод анылихлак, иаккаунт ацәгьауаҩ икомпиутер аҟны иаатуеит, иара уи ихы иархәаны изҭагалоу ахархәаҩцәа рахь аацҳамҭақәа ишьҭуеит.
Аминистрра агәҽанызаара ҟанаҵоит, аккаунтқәа ршәарҭадараз ҩфакторкны иҟоу аутентификациа аҿакра. Ус еиԥш ианиаз, архиарақәа ирҭаланы егьырҭ аиқәыршәарақәа рыҟны асеансқәа хдыркәшароуп.