"Ажьрацәарақәа, аиуарақәа, ахылҵшьҭрақәа: аԥсуаа рбоисоциалтә еилазаашьа аҭҵаара аԥышәа" захьӡу ашәҟәы ӡыргоуп Аҟәа.
"Ажьрацәарақәа ртәы сзалагаз убри ауп, антропологиаҿы ауаҩы дызхылҵыз аҩганкгьы, абшьҭреи аншьҭреи атәы узымдыруазар, ицәеижь алацәажәара уадаҩуп. Ауаҩы иҭҵаара, дахьынтәиаанагаз, иԥсхакыра, ипсихологиа зегь уа иаҵанакуеит", - иҳәеит Кәыҵниа.
Аҵарауаҩ аҭҵаарақәа мҩаԥигон ҩ-қыҭак рҿы, Аҭареи Хәаԥи.
"Аҭара ауаа здыруан аҟынтә исзымариан аматериал аизгара. Хәаԥ залсхыз ихәыҷу қыҭоуп, сымч ақәхоит ҳәа ауп. Ашәҟәы аҿы ажәлақәа рхаҭарнакцәа аӡәык-ҩыџьак рхылҵшьҭра асхемала иҟаҵоуп", - еиҭеиҳәеит Кәыҵниа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.