Аԥсны

Аҟәа ашықәсҿыцазтәи аныҳәақәа раан аԥсшьаразы иалыркаауа ахырхарҭақәа жәаба ирыҵанакит

Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 19 - Sputnik. Аҟәа ашықәсҿыцазтәи аныҳәақәа раан аԥсшьаразы иалыркаауа ахырхарҭақәа жәаба ирыҵанакит, абри атәы аанацҳауеит заанаҵтәи аҿаҵарақәа рзы урыстәылатәи амаҵзура Tvil.ru.
Аԥсны аҳҭнықалақь аабатәи аҭыԥ ааннакылеит. Еиҳа иалыркааз ахырхарҭақәа иреиуоуп Шәача, уаҟа аҿаҵарақәа 12% иартәоит. Аҩбатәи ахԥатәи аҭыԥ ргеит Кисловодск -3,2%, Гәыбаадәы-2,3%.

ахырхарҭа

уахык азы бжьаратәла ахәԥса

аԥсшьаразы бжьаратәла аамҭа

Шәача, Краснодартәи атәылаҿацә

4346 н.м

5 у/ҽ

Кисловодск, Ставропольтәи атәылаҿацә

4465 н.м.

5 у/ҽ

Гәыбаадәы, Краснодартәи атәылаҿацә

12215 н.м

5 у/ҽ

Иалта, Ҟрым

4325 н.м.

5 у/ҽ

Мурманск, Мурмантәи аобласт

3986 н.м.

3 у/ҽ

Архыз, Ҟарачы-Черқьеск

13570 н.м.

3 у/ҽ

Алушта, Ҟрым

3507 н.м.

4 у/ҽ

Аҟәа, Аԥсны

3332 н.м.

5 у/ҽ

Махачкала

3988 н.м.

5 у/ҽ

Шерегеш, Кемертәи аобласт

10772 н.м

5 у/ҽ

Реиҳа зыхә цәгьоу ахырхарҭақәа иреиуахеит Архыз, уи Гәыбаадәы иаԥнагеит. Ҟарачы-Черқьестәи ашьхарақәа рҟны уахык аԥсшьара 13570 нызқь мааҭ иартәоит. Краснодартәи атәылаҿацә иатәу ашьхашәаҩатә курортқәа рҟны 12 215 нызқь мааҭ иаԥсоуп.
Аҟәа уахык азы аԥсшьара 3332 нызқь мааҭ иаԥсоуп.