Аԥсны

Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ирыҭоу Урыстәыла атәылауаҩшәҟәқәа разхамҵара иаҿагыло иқәгылеит Рим

Афлешмоб алахәылацәа Италиа адәныҟатәи аусқәа рминистррахь инеит Урыстәыла, Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Донбасс ареспубликақәа рбираҟқәа рыманы.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 19 - Sputnik. Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ирыҭоу Урыстәыла атәылауаҩшәҟәқәа Евроеидгыла иахьазханамҵо иаҿагыланы ауаа ықәгылеит Рим. Абри атәы аанацҳауеит Sputnik Аахыҵ Уаԥстәыла, Италиа иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак Мауро Мурџьу иажәақәа шьаҭас иганы.
"Ари аҩыза аӡбамҭа – урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәқәа аетникатә ҟазшьала разхамҵара – арасизм ҟазшьа амоуп, дискриминациоуп", – иҳәеит Мурџьа.
Иара иҳәеит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи жәларбжьаратәи рҭахкаара иашаӡам ҳәа, ааԥхьара ҟаиҵеит Италиа, ареспублика азхаҵо, уи аҭагылазаашьа аԥсахырц.
"Иҟалоит Урыстәыла уадгылар ма уадымгылар, аха арҭ иазхаҵам аҵакыраҿы уахьынхо мацараз ухақәиҭрақәа урылхәыдартәуеит", - иҳәеит акциа аиҿкааҩ.
Аԥсны
Ӷәынџьиа Аԥсны атәылауаа европатәи апаспортқәа рыҭара мап ахьацәку ахҳәаа аиҭеит
Ԥхынҷкәын 8 рзы Евроеидгыла Украина зых иақәиҭыртәыз арегионқәеи иара убас Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рҵакырақәа рҿы ирыҭоу Урыстәыла атәылауаҩшәҟәқәа шазхарымҵо азы еиқәшаҳаҭхеит.
Аҳәамҭаҿ иазгәаҭоуп арҭ аҵакырақәа рҿы инхо атәылауаа ирыҭоу урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәқәа Шенгентәи аҵакыра аҳәаақәа рхысраан иҵаҵӷәыдоуп ҳәа.