АҞӘА, ԥхынҷкәын 19 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. 2458-ҩык Аԥсны ауааԥсыра амедицинатә усбарҭақәа рҿы аимҳәаҟынтә алаҵаҟаҵара иахысит ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзураҿы.
Зынӡа Аԥсныҟа иааган х-нызқь цыра "Ваксигрипп Тетра".
Алаҵаҟаҵара алшоит араионтә хәышәтәырҭақәеи аполиклиникақәеи рҿы хәыда-ԥсада. Алаҵа адуцәа реиԥш, ахәыҷқәагьы ирзыҟарҵоит.
Уаанӡа ареспублика атерапевт хада Анжела Арҷелиаԥҳа илҳәахьан ареспубликаҿ асезонтә еимҳәақәа шгәароу, ПЦР-диагностикахь инарышьҭуа апациентцәа жәпаҩык ишрыдбалоу агәыԥ А иаҵанакуа аимҳәа. Иара иаҷыдароуп: арыхьҭшьра, ахыхь, аԥынҵеихачра, аимҳәа, ахәдахьаа.