Арадио

Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп: Хынҭәба иаадрыхуа аалыҵ аҭиразы иҟоу ауадаҩрақәа ирызкны

Очамчыра араион Гәыԥ ақыҭан инхо Адамыр Хынҭәба арадио Sputnik аҿы еиҭеиҳәеит ақыҭаҿы ирыԥсҭазаашьоуи, иаадрыхуа аалыҵ аҭиразы ирымоу ауадаҩрақәеи амҿыи аихеи аус адуларахь имоу абзиабареи ртәы.
Sputnik
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши, иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.