Арадио

Бебиаԥҳа лышәҟә ҿыц "Из забвения в бессмертие" иазкны: 40 шықәсатәи сус ауп

Ажурналист Екатерина Бебиаԥҳа иҭыҵраны иҟоу лышәҟә ҿыц зызку, иагәылалаз аҭоурыхқәа ртәы еиҭалҳәеит арадио Sputnik аефир аҟны.
Sputnik
"Из забвения в бессмертие" ахьӡуп ажурналист, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Екатерина Бебиаԥҳа иҭыҵраны иҟоу лышәҟә ҿыц. Уи рызкуп аҩажәатәи ашәышықәса 30-40-тәи ашықәсқәа рзы харада ахара зыдҵаны аполитикатә репрессиақәа раан идырӡыз ақыҭақәа Дәрыԥшь, Ҟәланырхәа, Аҷандара, Тамшь, Кәтол, Џьгьарда, Ӷәада инхоз. Ашәҟәы урыс бызшәала иҭыжьхоит, уи аҟны рыӡбахә ҳәоуп 282-ҩык ауаа. Ашәҟәы 662 даҟьа ыҟоуп, аӡыргара азгәаҭоуп иааиуа амза анҵәамҭазы Аҟәа.
Харада ахара зыдҵаны идырӡыз ирызкны аматериал аизгара салагеит 1980-тәи ашықәс азы, ахәбатәи акурс аҟны сантәаз нахыс лҳәеит Бебиаԥҳа лцәажәараҟны.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.