Аԥсны

Инал Арӡынба усутә ныҟәарыла Москвеи Мински дцеит

Урыстәылеи Белоруссиеи раҳҭнықалақьқәа рҿы имҩаԥысраны иҟоу аиԥыларақәа рҿы Арӡынба актуалтә зҵаарақәа дрылацәажәараны дыҟоуп.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 19 - Sputnik. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба усутә ныҟәарыла Москвеи Мински дцеит ашәахьа ԥхынҷкәын 19 рзы. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР Амедиацентр.
Адәныҟаполитикатә усбарҭа аиҳабы Урыстәылеи Белоруссиеи раҳҭнықалақьқәа рҿы имҩаԥысраны иҟоу аиԥыларақәа рҿы актуалтә зҵаарақәа дрылацәажәараны дыҟоуп