Росавиациа Урыстәыла аладатәи аҳаирбаӷәазақәа рахь аԥырразы аԥкрақәа рыҿҳәара ирыцнаҵеит

Урыстәылатәи аҳаиреилахәырақәа ахархәара рырҭоит Шәача, Аминералтә ӡқәа, Волгоград, Москва, Ставрополь рҳаирбаӷәазақәа.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 19 - Sputnik. Росавиациа Урыстәыла аладатәи аҳаирбаӷәазақәа рахь аԥырразы аԥкрақәа рыҿҳәара ирыцнаҵеит аҽа мчыбжьык ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
"Урыстәыла агәҭеи аладатәи ақалақьқәеи рбаӷәазақәа 11 рахь аԥырразы иаланагалаз аԥкрақәа рыҿҳәара иацҵоуп ԥхынҷкәын 27-нӡа", - абри атәы аҳәоит адырраҭара.
Аамҭала зусура ԥку аҳаирбаӷәазақәа ирыҵанакуеит Анапа, Белгород, Брианск, Воронеж, Геленџьықь, Краснодар, Курск, Липецк, Ростов-на-Дону, Симферополь, Елиста.
Урыстәыла егьырҭ аҳаирбаӷәазақәа абжьааԥны еиԥш аус шыруц ируеит.