Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи ар Киеваа Донецктәи ахырхарҭала рконтржәылара аԥдырҟәҟәааит

Донецктәи ахырхарҭаҿы Арратә операциа иалагазар ааха рыҭоуп: 3204 аԥырҩы дызҭам аппарат, 398 зенит-ракетатә комплекс, 7149 танк, 931 реактив-систематә машьынақәа, 3691 артиллериеи аминаршәгеи рыхгәыцәқәа, 7650 ак аибашьыга автомобилтә техника.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 19 - Sputnik. Урыстәылатәи ар Киев аруаа рконтржәылара аԥдырҟәҟәааит Донецктәи ахырхарҭаҿы, иҭархоуп 40-ҩык аруаа, 5 ак атехника ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.
"Донецктәи Жәлар рреспублика аиланхарҭақәа Подгородное, Клешьиевка, Курдиумовка иахьрыҵанакуа аӷа иқәҿиарадаз ажәыларақәа мҩаԥигеит. Артиллериеи ажәыларатә гәыԥқәеи ирылдыршеит аӷа иконтржәылара аԥырҟәҟәаара. Аӷа ацәыӡқәа иманы дхьаҵит. 40-ҩык аибашьцәа ҭархоуп, ааха рыҭоуп акәылӡмашьынақәа ҩба, автомашьынақәа хԥа", - ҳәа рҳәеит аусбарҭаҿы.
Арратә операциа иалагазар ааха рыҭоуп: 400 ҳаирплани вертолиоти, 3204 аԥырҩы дызҭам аппарат, 398 зенит-ракетатә комплекс, 7149 танк, 931 реактив-систематә машьынақәа, 3691 артиллериеи аминаршәгеи рыхгәыцәқәа, 7650 ак аибашьыга автомобилтә техника.